Иракли Ҕарибашвили – Рыцҳарас иҟалаз, Украина аибашьра ирласны ихыркәшахап ҳәа агәыҕра ҳазҭаша адыргақәа иҟам, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рымҩаҧагаразы жәларбжьаратәи аҽазышәарақәа убарҭам 
Иракли Ҕарибашвили – Рыцҳарас иҟалаз, Украина аибашьра ирласны ихыркәшахап ҳәа агәыҕра ҳазҭаша адыргақәа иҟам, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рымҩаҧагаразы жәларбжьаратәи аҽазышәарақәа убарҭам 

«Рыцҳарас иҟалаз, Украина аибашьра ирласны ихыркәшахап ҳәа агәыҕра ҳазҭаша адыргақәа иҟам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Катартәи Аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз апанельтә дискуссиаҿы данықәгылоз.

«Аиашаз, аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Европа абри аҩыза апроблемақәа иҟамызт, убри аҟынтә, ари аибашьра ҳазынтәгьы иҳадкьыслоит. Аха, ишәгәаласыршәар сҭахуп   2008 шықәсазы Қырҭтәыла аибашьра шыҟаз. Аибашьра закәу аадыруеит. Азҵаара аҭак асҭарц азыҳәан, исҳәар сҭахуп. Шәызынтәгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп аибашьра иалагеижьҭеит инаркны, иахьазы Украина аҵакырадгьыл  20 наӡына Урыстәыла импыҵахаланы ишамоу. Уи иахьатәи астатус-кво ауп. Уаҵәы иҟало сыздырӡом, уи сызшәаҳәом. Уи аӡәгьы издырӡом ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.

Украина абри аҟара аамҭа аибашьра ахьалшаз уамашәа имбаӡои ҳәа ианиазҵаа,  Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, уи зегьы уамашәа ирбоит, аха, рыцҳарас иҟалаз, ари аибашьра ирласны ихыркәшахап ҳәа агәыҕра рызҭаша адыргақәа иҟам.

«Зегьы уамашәа ирбоит ҳәа сгәы иаанагоит.  Рыцҳарас иҟалаз, Украина аибашьра ирласны ихыркәшахап ҳәа агәыҕра ҳазҭаша адыргақәа иҟам. Абри ауп проблемас иҟоу. Аха, абрааҵәҟьа иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп  аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рымҩаҧагаразы жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынтә ииашоу  аҽазышәарақәа шубарҭам», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҭынчразы ашьаҿа аҟаҵара зыхәҭада ҳәа ианиазҵаа,  Иракли Ҕарибашвили абас аҭак ҟаиҵеит: «Аҩ-ганкгьы, рызынтәгьы».