Иракли Ҕарибашвили рашәара 13 рзы Қарҭ иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Иракли Ҕарибашвили рашәара 13 рзы Қарҭ иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили рашәара 13 рзы Қарҭ иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит. 

Рашәара 13 рзы иҭахаз ауааҧсыра рмемориал аҿы аҧыза-министр ицын Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Қарҭтәи Саребуло ахантәаҩы Гьаргь Тҟемалаӡеи. 

Рашәара 13 рзы иҭахаз ауааҧсыра ргәаларшәара амзызла амемориал аҧхьа апанихида мҩаҧигеит Иаса ихалара ахьӡала иҟоу аныхабаа адоуҳатә маҵзуҩы адиакәан Лука Биҭаӡе.  

Рашәара 13 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны бжьышықәса ҵит.  2015 шықәса рашәара 13 рзы аӡиас Вере аҧсҭҳәаҿы иҟалаз арыцҳара иалаӡит  21ҩык ауааҧсыра.