Иракли Ҕарибашвили  Никол Ҧашиниан диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили  Никол Ҧашиниан диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили,  Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәа дрыцны, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан иааҧхьарала, мышктәи аусуратә визитла Шәамахьтәыла дыҟоуп. 

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ҕарибашвили Дилижан ақалақь аҿы Никол Ҧашиниан диҧылеит. Аиҧылараҿы аколлегацәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак қәҿиарала аусеицура иаҿуп ахәаахәҭра-економикеи, атранспорти, алогистикеи, акультуреи аусхкқәа рҿы. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегион аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы азеиҧш ҽазышәара аҵакы иазааҭгылеит.  Иара убас, иаҵшьны иазгәарҭеит ҩ-тәылак рыбжьараа аусеицуреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи иаҳа рырҕәҕара ишазыхиоу.