Иракли Ҕарибашвили – Шәара шәвизит  - ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара адгылара аганахьала Америка аган аҟынтә ашьҭымҭа ҕәҕәоуп
Иракли Ҕарибашвили – Шәара шәвизит - ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара адгылара аганахьала Америка аган аҟынтә ашьҭымҭа ҕәҕәоуп

Шәара шәвизит  — ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара аганахьала Америка аган аҟынтә ашьҭымҭа ҕәҕәоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка атәылахьчара аминистр Ллоид Остин даниҧылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Америка атәылахьчара аминистр авизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  ишазгәеиҭаз ала,  абри авизитгьы даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу,   Америка Амшын еиқәеи Аахыҵ Кавкази арегионқәа ишрызҿлымҳау.

Америка атәылахьчара аминистр аҧыза-министр адкылара бзиа азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳәаны,  иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ивизит Америкеи Қырҭтәылеи рпартниорра ҕәҕәа шаанарҧшуа.