Мшаҧы 20 рзы Иракли Ҕарибашвили  Шида Қарҭли апартиа активистцәа дырҧылоит
Мшаҧы 20 рзы Иракли Ҕарибашвили  Шида Қарҭли апартиа активистцәа дырҧылоит

Уаҵәы, мшаҧы  20 рзы,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Ҕарибашвили Шида Қарҭли апартиатә активистцәа дырҧылоит.

Апартиа апресс-маҵзура адыррала, аиҧылара мҩаҧысуеит Гори, асааҭ 13:00 рзы.

Аҭыҧантәи аиҿкаара анапхгаҩцәа ирҧылоит  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвилии, апартиа анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ  Мамука Мдинараӡеи, арегионалтә маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Самхараӡеи, апарламенттә аиҳара алахәылацәеи.

Иара убас, аиҧылара ихы алаирхәоит Шида Қарҭли арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак Леван Харабаӡе.

Иракли Ҕарибашвили  100 мшы ирылагӡаны,  10 регионк рҿы апартиа активистцәа дырҧылоит.