Иракли Кобахиӡе Виктор Орбан диԥылеит
Иракли Кобахиӡе Виктор Орбан диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  ВЕнгриа аԥыза-министр Виктор Орбан диԥылеит.

Аԥыза-министр ирпессмаҵзура аинформациала, аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Венгриеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирыхәаԥшын, апартниорра аҿиара аагнахьала иҟоу апозитивтә лҵшәақәа ирзааҭгылеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан Венгриа Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҕәҕәала ишадгыло. Ишазгәаҭаз ала, Евроеидгыла анеҩстәи ахантәаҩы-тәыла аҳасабала Венгриа аҟынтә атәыла иаиуа адгылара аҵакы ҷыда амоуп, иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит атәыла евроинтеграциа апроцессаҿ анеҩстәи аетапахь иасырц азыҳәан.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицура иалацәажәеит, ари аганахьала иалкаан ахәаахәҭра-економикатә усхкы арҭбаара аперспективақәеи, акультуреи аҵареи рхырхарҭала қәҿиарала аусеицура аҵакы.