Иракли Ҕарибашвили Китаи анапхгаратә партиа Ацентртә Комитет жәларбжьаратәи адепартамент аминистр ихаҭыҧуаҩ диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Китаи анапхгаратә партиа Ацентртә Комитет жәларбжьаратәи адепартамент аминистр ихаҭыҧуаҩ диҧылеит

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Ҕарибашвили Китаи анапхгаратә партиа Ацентртә Комитет жәларбжьаратәи адепартамент аминистр ихаҭыҧуаҩ Чень Чжоуи китаитәи аделегациа алахәылацәеи дырҧылеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Китаи ирыбжьарҵаз астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы атәылақәа русеицура арҭбаара иацхраауеит.

Ари аиқәшаҳаҭра абзоурала, Қырҭтәыла атәылауаа Китаи аҟны авизидатә режим рзышьақәыргылоуп.

Аделегациа алахәылацәа Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иарҳәеит  иара аҧыза-министрс даныҟаз  Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҭбааразы имҩаҧигаз аусура ду азыҳәан.

Апартиа ахантәаҩы аделегациа алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.