Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан уаххьаҿы дидикылеит
Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан уаххьаҿы дидикылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аофициалтә визитла Қарҭ иҟоу Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани уи ицу аделегациеи уаххьаҿы идикылеит.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан иаҳаҭыр аҟынтә уаххьа мҩаҧган.

Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани афуникулиортә трамваила Мҭаҵминда ихалан,  Қарҭ аҧшра рбеит.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит ажьырныҳәа 26 рзы.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган Қырҭтәылеи Шәамахьтәылатәи ареспубликеи рыбжьара аекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа 13-тәи аилатәара, уи анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара астратегиатә партниорра алагара иазку адекларациа рнапы аҵарҩит.