Иракли Ҕарибашвили – Алхрақәа рҿы гәрахаҵарала аиааира ҳгароуп, аконституциатә аиҳара ҳауроп, абри ауп ҳпартиа алахәылацәа ирасҳәар исҭаху
Иракли Ҕарибашвили – Алхрақәа рҿы гәрахаҵарала аиааира ҳгароуп, аконституциатә аиҳара ҳауроп, абри ауп ҳпартиа алахәылацәа ирасҳәар исҭаху

Алхрақәа рҿы аиааира шаҳго еилкаауп, аха, ҳара гәрахаҵарала аиааира ҳгароуп, аконституциатә аиҳара ҳауроуп, – иҳәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили Баҭым ажурналистцәа данрацәажәоз, иара уаҟа апартиа актив дырҧылеит.

Иара иажақәа рыла, апартиатә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа драцәажәеит алхратә кампаниа алагара иазкны.

„Иахьа ҳара арегионқәа рҿы аиҧыларақәа рымҩаҧгара ҳалагеит. Раҧхьатәи аиҧылара Аҷара имҩаҧызгеит.  Ҩымчыбжь раҧхьа ишысҳәаз еиҧш,  100 мшы рыла жәа-регионк рҿы апартиатә аиҧыларақәа мҩаҧызгоит.  Раҧхьатәи аиҧылара Аҷара имҩаҧызгеит. Апартиатә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа срацәажәеит алхратә кампаниа алагара иазкны. Ҳәарада, раҧхьа иргыланы, алхрақәа рҿы аиааироуп хықәкыс иҳамоу. Аха, ҳара гәрахаҵарала аиааира ҳгароуп, аконституциатә аиҳара ҳауроп, абри ауп ҳпартиа алахәылацәа ирасҳәар исҭаху. Уажәы зехьынџьара зеиҧшҟамлац ала ҳҽеидаҳкылароуп, абри ауп арегионқәа рҿы ҳаиҧыларақәа зызку“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.