Иракли Ҕарибашвили – Ифтар азгәаҭара - ҳакзаара аазырҧшуа даҽа шьақәырҕәҕәагак ауп
«Ифтар азгәаҭара – ҳакзаареи, ҳаешьареи, ҳаиҩызареи аазырҧшуа даҽа шьақәырҕәҕәагак ауп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз ифтараҿ данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, ҭоурыхла, арелигиақәа реицыҟазаареи анычҳареи ала иалкаау аҭынчратә тәылоуп.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, аҧсылмантә уаҧшьына акзаара аганахьала ҳтәыла иуникалтәуп.
«Ари адгьыл аҿы асуннитцәеи, ашиитцәеи, ақырҭуааи, азербаиџьанцәеи, акистцәеи, аингуш-аҧсылманцәеи ҭынч еицынхоит, аешьара рыбжьоуп. Аӡәы дыбжьасыжьыр сҭахым, аҧсылмантә уаҧшьына дууп, абри аҭаацәара ду иаҳзеиҧшу аҭаацәара ду – Қырҭтәыла арҕәҕәоит. Иаку аҧсылмантә уаҧшьына ауникалтә факторуп, ари аганахьала ҳаамҭазтәи адунеиаҿ ҳҿырҧшыгоуп. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аҧсадгьыл азгәыкреи аџьа абзиабареи ала иалкаау шәуаҧшьына ҳтәыла апрогресси арҕәҕәареи аҿы иҟанаҵо алагала ду иҳаракны ахә шаҳшьо. Арелигиа азҵаарақәа рзы агентра аиҿкаара амш инаркны иахьанӡа, аҧсылмантә уаҧшьына иаҳҭеит 228 аџьамаақәа, иҵегьы 70 аџьамаақәа иаанханы иҟоуп, урҭгьы шәаҳҭароуп. Ҳара ари апроцесс етапла инаҳагӡоит. Сара раҧхьаӡа акәны аҧыза-министр саныҟарҵаз, Аҷара аҧсылмантә уаҧшьына ацентр бзиа еиҿаҳкааит, уажәы Қарҭгьы адгьылҭыҧ раҳҭеит. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит, аҭынчреи, агәабзиареи, мышәхыбзазареи шәзеиҕьасшьоит. Анцәа шәихьчааит», — иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.