Иракли Ҕарибашвили иӡбарала,  Украинаҟа идәықәырҵоит миллион лари рыхә агуманитартә аидара 
Иракли Ҕарибашвили иӡбарала,  Украинаҟа идәықәырҵоит миллион лари рыхә агуманитартә аидара 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, Украинаҟа идәықәырҵоит миллион лари рыхә агуманитартә аидара.

Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы дыҟан. Аҧыза-министр иӡбарала аукраин жәлар ирзоушьҭу агуманитартә цхыраара атәы ацҳаражәҳәаҩ идирдырит аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рзы аминистр Зураб Азарашвилии.

Ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аиҳабыра адгылареи ацхыраареи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Украинаҟа идәықәырҵо агуманитартә аидара иалоуп раҧхьатәи амедицинатә цхыраара иазку зқьыла амаҭәарқәеи, 30 хкы еиҳаны ахәшәқәеи, аҵәыҵәри аконцентраторқәеи.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыла агуманитартә аидара аахәара апроцесс рхы аладырхәырц рыӡбеит афармацевттә еилахәырақәаки аклиникақәеи, дара хәыҧсада, агуманитартә цхыраара иаларҵеит амедицинатә хархәагақәеи ахәшәқәеи.

Қырҭтәылантә идәықәҵоу агуманитартә цхыраара Варшава иалганы уаҵәы Украинаҟа инаргоит.