Иракли Ҕарибашвили – Ҳара, иҳалшо ала, аполитикатәи агуманитартәи ганахьала Украинеи аукраин жәлари ҳрыцхраауеит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара, иҳалшо ала, аполитикатәи агуманитартәи ганахьала Украинеи аукраин жәлари ҳрыцхраауеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала,  ихьыҧшым аҳәынҭқарра ажәылара ҟалом. Иара Украина адгылара азааирҧшит.

«Ҳәарада, иахьа Украина арыцҳара иҭагылоуп. Аибашьра изацәымцеит, абри аибашьра амшала зегьы реиҳа азарал роуоит Украина ахаҭеи, уи ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, аукраин жәлари аруааи.  Убри аҟынтә, ҳәарада, аибашьра арқьиара ҟалом.  2008 шықәсазы ҳара уи ҳхаагеит, ҳаргьы уи ҳзацәымцеит,  2008 шықәса нанҳәазы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ҳтәыла цәгьала ианыҧшит. Исҳәар исҭаху акоуп, аибашьра аӡәгьы хырҳагара изаанагом, аиааирагаҩы дзыҟалом, аҩ-ганкгьы ҧырхага ду роуеит. Ҳара адгылара шааҳарҧшуа шьақәсырҕәҕәар сҭахуп, жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааҧхьара иҟасҵоит Украина аибашьра аанкыларазы ирылшо зегьы ҟарҵарц.

Ҳара, иҳалшо ала, аполитикатәи агуманитартәи ганахьала Украинеи аукраин жәлари ҳрыцхраауеит», — иҳәеит Ҕарибашвили.