Иракли Ҕарибашвили – Европатәи апартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит Қырҭтәылазы зҵакы дуу аплатформа ахьҳадаргалаз азыҳәан, аинициатива ҿыц Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы ҳтәыла апрогресс иацхраауеит
Иракли Ҕарибашвили – Европатәи апартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит Қырҭтәылазы зҵакы дуу аплатформа ахьҳадаргалаз азыҳәан, аинициатива ҿыц Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы ҳтәыла апрогресс иацхраауеит

«Аинициатива ҿыц Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы ҳтәыла апрогресс иацхраауеит», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили   Twitter  аҿы Прага имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә аидгыла апленартә аилатәара аҽалархәра иадҳәаланы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аплатформа абзоурала, Қырҭтәыла, Европатәи атәылақәа рыгәҭа, актуалтә проблемақәа зегьы рылацәажәара иалахәып.

«Чехиа имҩаҧысуа Евроопатәи аполитикатә аидгыла  (EPC) апленартә аилатәара гәахәарыла салахәып. Европатәи апартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит Қырҭтәылазы зҵакы дуу аплатформа ахьҳадаргалаз азыҳәан, араҟа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ирзеиҧшу аусхәаҧштә алацәажәара алшара ҳамоуп. Агәра ганы сыҟоуп аинициатива ҿыц Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы ҳтәыла апрогресс ишацхраауа», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.