Иракли Ҕарибашвили  Берлин  Олаф Шольц диҧылеит 
 Иракли Ҕарибашвили  Берлин  Олаф Шольц диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәыла афедералтә канцлер Олаф Шольц диҧылеит аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили Олаф Шольц изеиҭеиҳәеит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟаҵоу ашьаҿақәеи, имҩаҧгоу ареформақәеи, Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿ иҟоу апрогресси иазкны. Иара убас, аҧыза-министр Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара аҵакы далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ашықәс анҵәамҭаз акандидат астатус иазыҧшуп.

Иара убас, аиҧылараҿы аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  уажәы, Евроеидгыла алалара анеҩстәи аетапаз, Қырҭтәылазы зеиҧшҟамлац ала аҵакы ду амоуп Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟынтә аполитикатәи, иара убас, апрактикатәи адгылара.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, афедералтә канцлер, еснагь, иаартны, Қырҭтәыла евроинтеграциа дадгылоит, Иракли Ҕарибашвили убри азыҳәан Олаф Шольц ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рпартниортәии реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегиони адунеи рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Убри адагьы, Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциеи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟоу апрогресси иазааҭгылеит.