Иракли Ҕарибашвили  ажәлар дрыдигалеит Ахалқалаки ахада иҭыҧ азы акандидат
Иракли Ҕарибашвили  ажәлар дрыдигалеит Ахалқалаки ахада иҭыҧ азы акандидат

«Амчра ҳгеижьҭеи 9 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны, амҩақәа рыргылара, аӡылеиқәыршәара, агазла аиқәыршәара, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ахәышәтәырҭақәеи амбулаториақәеи рыргылара, ақыҭанхамҩатә программақәа уҳәа, атәыла зехьынџьара, Ахалқалақьигьы, имаҷымкәа апроектқәа наҳагӡеит — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә Ахалқалақьи ахада иҭыҧ азы акандидат  Мелкон  Макариан ажәлар данрыдигалоз.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, арегион аҿы зымҽхак дуу аинфраструктуратә проектқәа  нарыгӡраны иҟоуп.