Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика атәылахьчара аминистр Зақир Ҳасанов диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика атәылахьчара аминистр Зақир Ҳасанов диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика  атәылахьчара аминистр Зақир Ҳасанов диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи наҟ-наҟ аусеицура аусхәаҧштәи иалацәажәеит.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит сынтәа жьҭааразы Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев Қырҭтәыла имҩаҧигаз авизит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ари авизит аан даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан  атәыылақәа рыбжьаара ишьақәгылаз аигәыларатәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәеи урҭ рырҭбаразы иҟоу апотенциал дуи, ҷыдала ахәаахәҭра-економикатә хырхарҭала.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ажәларқәа рмышхәыбзазареи арегион аҿиареи азы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аҵакы иазааҭгылеит. Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла, наҟ-наҟгьы, агәылацәа рыбжьара адиалог ацхрара ишазыхиоу.

Аиҧылараҿы иалацәажәеит Иракли Ҕарибашвили иаҧшьигаз  „Аахыҵ Кавказаҿ агәыларатә аҭынчратә инициатива”, Аахыҵ Кавказ аҳәынҭқаррақәа инарывагыланы, ари аинициатива иалахәып жәларбжьаратәи апартниорцәагьы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы азербаиџьантәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусбарҭақәа рыбжьара аусеицуреи арегионалтә ҵакы змоу аинфраструктуратә проектқәеи ирылацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәсазы атәылақәа иазгәарҭоит Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра.