Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистри ихаҭыҧуааи рҟны аусуратә аилацәажәара мҩаҧигеит
Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистри ихаҭыҧуааи рҟны аусуратә аилацәажәара мҩаҧигеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи Атәылахьчаратә мчқәа егьырҭ анапхгаҩцәеи  рҟны аусуратә аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аилацәажәараан  2023 шықәсазы аминистрра апланқәеи,  Атәылахьчаратә мчқәа рырҕәҕәареи, арратә маҵзуҩцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи иазку  ахадаратә хырхарҭақәеи ирылацәажәеит.  Аиҧылара алахәылацәа  «Қырҭтәыла аҿиара астратегиа  – Ахәаҧшыра  2030» анагӡара адинамика иазааҭгылеит.

Хшыҩзышьҭра азун атәылахьчара аминистрра  2023 шықәсатәи абиуџьет аизырҳара азҵаара. Ишазгәаҭаз ала, сынтәа Қырҭтәыла атәылахьчаратә усбарҭа абиуџьет ацлеит  260 миллион лари. 1 миллиарди  260 миллиони лари ахырхараҭақәа зегьы еиҟараны ирзыршоит Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара амзызла. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны арратә маҵзуҩцәа зегьы рџьаусҧса  20% ацлоит.

Аусуратә аилатәараҿы хшыҩзышьҭра рызун атанкҭархагатә алшарақәа реизырҳара амзызла имҩаҧысуа апроектқәа.

Атанкҭархагатә системақәа раахәара амзызла,  Қырҭтәыла,  Германтәылеи Испаниеи рҟны аиқәшаҳаҭрақәа аднакылеит.

Америка активла имҩаҧысуеит иҵегьы  «Џьавелинқәа» раахәара апроцесс.

Швециатәи аилахәыраҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит асистемақәа Carl Gustaf раахәаразы.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала,  сынтәа  1000ҩык арратә маҵзуҩцәа  ауадақәа роуеит Махата ашьхаҿ идыргыло  «Арратә ақалақь  — Army City» аҿы, арратә маҵзуҩцәа  ауадақәа раахәара рылшеит дара ирзышьақәыргылаз зеиҧшҟамлац азинҷыдақәа рыбзоурала.

2023 шықәсазы,  апарламент аҟны аусеицурала,  ирыдыркылараны иҟоуп  «Атәылахьчара азакәанеидкыла» ҽыц,  уи абзоурала,   хымҧадатәи арратә маҵзура аҭагылазаашьақәа акырӡа еиҕьхоит,   атәылаҿы арезерв ҕәҕәа ҟалоит,  арратә маҵзуҩцәа рҭагылазаашьа еиҕьхоит.

Иара убас,  аилатәараҿы ирзааҭгылеит апроект ҿыцқәеи аинициативақәеи.

Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистри ихаҭыҧуааи адҵа ҿыцқәа риҭеит.