Иракли Ҕарибашвили -  Атәыла иаҧырхагоу адирективақәа рынагӡара анҳақәшәоз аамҭа цахьеит, ҳара зегьы ҳарзыӡырҩуеит, аха, атәыла иахәаша ауп иҟаҳҵо
Иракли Ҕарибашвили -  Атәыла иаҧырхагоу адирективақәа рынагӡара анҳақәшәоз аамҭа цахьеит, ҳара зегьы ҳарзыӡырҩуеит, аха, атәыла иахәаша ауп иҟаҳҵо

«Ҳара ҳусқәа рыла ишьақәҳарҕәҕәоит атәыла амилаҭтә интересқәа ҳашрықәныҟәо.  Атәыла иаҧырхагоу адирективақәа рынагӡара анҳақәшәоз аамҭа цахьеит, ҳара зегьы ҳарзыӡырҩуеит, аха, атәыла иахәаша ауп иҟаҳҵо», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламентаҿ  иқәгылара анҵәамҭаз.

Иара иажәақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» атәылаҿы ипрецедентдоу кыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара алшеит.

«Депутатцәақәак рықәгылара аҟынтә аихшьаалак ҟасҵар сылшоит, ҳәарада, ҳареи арадикалтә антиҳәынҭқарратә мчи зынӡаскгьы ҳаиҧшым.  Ҳара  иҳадҳамкыло, иаҳцәымҕу дара ирзыманшәалоуп,  иазыразуп.  Ҳара ҳусқәа рыла ишьақәҳарҕәҕәоит атәыла амилаҭтә интересқәа ҳашрықәныҟәо.  Атәыла иаҧырхагоу адирективақәа рынагӡара анҳақәшәоз аамҭа цахьеит, ҳара зегьы ҳарзыӡырҩуеит, аха, атәыла иахәаша ауп иҟаҳҵо.

Аҳәаанырцәтәи ҳпартниорцәеи ҳҩызцәеи пату рықәаҳҵоит. Аӡәы иаҳаҭыр аларҟәра ҟалом,  аха,  иаҳҳәап,  еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа ҳаиҳабыра алахәылацәа,  ҳтәыла ахаҭарнакцәа  ианрацәҳауа,   арадикалтә оппозициа рҟынтә агәынамӡара ҳаҳауам.

Абра амилаҭтә интересқәа абаҟоу,  арҭ ауаа ҳтәыла амилаҭтә интересқәа шырыхьчо убарҭоума. Мап,  дара  цәгьашақә иаҳзыҟоу гәыҧҩык ринтересқәа роуп ирыхьчо. Ҳара машәырла акәӡам арадикалтә оппозициа  «аибашьра апартиа» ҳәа шрахьӡаҳҵаз. Дара атәылаҿы аҩбатәи афронт аадыртыр рҭахын, абри ауп хықәкыс ирымаз. Дара ҳтәыла аполигонс аҟаҵара иақәшаҳаҭын,  ҳара уи ибзиаӡаны иаадыртуеит,  ҧасатәи сықәгылараан ашаҳаҭгақәагьы шәызцәырызгеит. Ҳҩызцәа иаҵшьны иазгәарҭеит ҳара  ипрецедентдоу кыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара шҳалшаз, уи  алагьы иубарҭоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳуааҧсыра  ашәҭыкакаҷра шырзаанаго. Ҧаса ҳахьыҟаз еиҭасҳәом, шәызынтәгьы уи ибзиаӡаны ижәдыруеит», — иҳәеит аҧыза-министр.