Иракли Ҕарибашвили аҧшыхәареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили аҧшыхәареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аҧшыхәареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Девид Кетлер диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа НАТОи Қырҭтәылеи русеицуреи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, уи амшала Мрагыларатә  Европаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьа аицәахареи иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан излауа ала ирласны аибашьра ахыркәшаразы жәларбжьаратәи уаажәларра рзеиҧш ҽазышәара аҵакы.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, НАТОи Қырҭтәылеи рпрактикатә усеицура қәҿиарала инагӡоит, зҵакы дуу апартниорра ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит, уи Қырҭтәыла арбџьармчқәа рмодернизациеи атәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәареи иацхраауеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит НАТО аҧшыхәара-аналитикатә маҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, аполковник Каупо Росини, НАТО адгылаҩцәа рофис анапхгаҩы Алеқсандр Виникови, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи.