Иракли Ҕарибашвили – Алхрақәа зегьы хыркәшоуп, ҳара аиааира ҳгеит, анеҩстәи алхрақәа мҩаҧысуеит  2024 шықәсазы
Иракли Ҕарибашвили – Алхрақәа зегьы хыркәшоуп, ҳара аиааира ҳгеит, анеҩстәи алхрақәа мҩаҧысуеит  2024 шықәсазы

«Сара аоппозициаа ирымоу азҵаарақәеи алхрақәа ирызку ахшыҩдаратә аҳәамҭақәеи интересс исымам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Ажурналистцәа аиҳабыра рнапхгаҩы иазҵааит Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны, уи инақәыршәаны,  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа жәларбжьаратәи апартниорцәа аус рыцыруеит Қырҭтәыла алхрақәа молдоватәи амодель аларҵәаразы.

«Ари азҵаара аинтерес аҵам. Сара аоппозициаа ирымоу азҵаарақәеи алхрақәа ирызку ахшыҩдаратә аҳәамҭақәеи интересс исымам.  Алхрақәа зегьы хыркәшоуп, ҳара аиааира ҳгеит, анеҩстәи алхрақәа мҩаҧысуеит  2024 шықәсазы. Убри аҟынтә, уаанӡа сышәмыргәамҵын, даараӡа сеилахоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.