Иракли Ҕарибашвили – Аиҳабыра Гудаури иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа  100 нызқь лари рзоурыжьҭуеит
Иракли Ҕарибашвили – Аиҳабыра Гудаури иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа  100 нызқь лари рзоурыжьҭуеит

«Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп Гудаури иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы ишалсыз. Ҳара акыр иаҳзыҧсаз ҳхылҵ, ҳтәылауаа, аепикаж алахәылацәеи аиқәырхаҩцәеи ҳцәыӡит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз  аиҳабыра реилатараҿы.

Иракли  Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала,  иҭахаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа зегьы аминистрраҟынтә 100 нызқь лари роуеит.

«Сара арҭ ауаа ибзианы издыруан. Ҳара кыршықәса рыҩныҵҟа ҳаицныҟәон, рҭаацәарақәеи ауаажәларреи, аминистрра аусзуҩцәа зегьы, ҳхақьымцәагьы  даҽазнык срыдашшылар сҭахуп. Арыцҳара ду ҳақәшәеит, уи даараӡа ҳгәы иалсит. Аҳәынҭқарра, иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ирыцхраауеит.  Иҭахаз ауааҧсыра рҭаацәарақәа зегьы аминистрраҟынтә 100 нызқь лари роуеит», — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.