Иракли Ҕарибашвили Афонтәи ашьха цқьаҿы иҟоу Ватопедтәи аберҭыҧ ахылаҧшҩы, архимандрит Ефрем диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Афонтәи ашьха цқьаҿы иҟоу Ватопедтәи аберҭыҧ ахылаҧшҩы, архимандрит Ефрем диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Афонтәи ашьха цқьаҿы иҟоу Ватопедтәи аберҭыҧ ахылаҧшҩы, архимандрит Ефреми уи ицыз ахаҿқәеи дырҧылеит, урҭ иреиун аберҭыҧ аҿы изуа ақырҭуа аберцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит аҧыза-министр ипресс-маҵзура.

„Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, шәҧылара сара сзы ҳаҭыр дууп.  Ҳаҭыр дула, абзиабара дула салам шәысҭар сҭахуп. Сара еснагь гәахәарыла исгәаласыршәоит раҧхьаӡа акәны Афонтәи ашьхаҿ ҳанеиҧылаз. Усҟан сара аиҳабыра сырхагыламызт. Ҳара гәаартыла ҳаицәажәеит. Геронда исиҭаз абжьагарақәа зегьы, исеиҳәаз зегьы алҵшәа бзиа ахылҵит“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Архимандрит Ефрем  аиҳабыра рнапхгаҩы Афонҟа днаиҧхьеит.

Архимандрит Ефрем аҧыза-министр ҳамҭас иҭеит Анцәа Иан лныхачаҧа. Иракли Ҕарибашвили  архимандрит  Ефрем ҳамҭас иҭеит Нино цқьа лныхачаҧа.