Иракли Ҕарибашвили Адемократиа амилаҭтә фонд ахантәаҩы диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Адемократиа амилаҭтә фонд ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Адемократиа амилаҭтә фонд ахантәаҩы Кенет Уолак диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Адемократиа амилаҭтә фонди русеицура адинамика иалацәажәеит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәылеи Иеиду Америкатә Штатқәеи рстратегиатә партниорра ахадаратә хырхарҭақәагьы. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла кавказтәи арегионаҿгьы уи анҭҵыгьы Америказы игәрагоу апартниори аидгылаҩи ауп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәагьы ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ареформақәа рымҩаҧгара аганахьала  апрогресс иҟазар рҭахуп, избанзар, уи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа апроцесс иацхраауеит. Иаҵшьны иазгәаҭан иакымкәа аусхкқәа рҿы имҩаҧгаз акрызҵазкәа ареформақәа, урҭ рылҵшәақәа аарҧшуп жәларбжьаратәи ареитингқәеи ахәшьараҭарақәеи рҿы.

Аиҧылара рхы аладырхәит Адемократиа амилаҭтә фонд апрограмма аменеџьер еиҳабы Иан Макгинити аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.