Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәарҭаҿы иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит
Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәарҭаҿы иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит

Аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟалаз адгьылҵысра иахылҵыз арыцҳара иадҳәаланы иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамаҭа ҟаиҵан, Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ дидашшылеит.

„Иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, аҭырқәа жәлари зуацәа зцәыӡыз ауааҧсыреи гәыкала срыдашшылар сҭахуп. Ари арыцҳараан ахәрақәа зауз ауаа абзиареи ирласны абзиахареи рзеиҕьасшьоит.

Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари, хаҭала сареи ҳахьӡала, иуадаҩӡоуп аамҭазы  Ҭырқәтәылатәи ареспублика адгылара ҕәҕәа азаасырҧшыр сҭахуп“, – иануп аҧыза-министр иҟаиҵаз адашшыларатә нҵамҭаҿы.