Иракли Ӷарибашвили Саломе Зурабишвили лҳәамҭа аҭак аиҭеит
Иракли Ӷарибашвили Саломе Зурабишвили лҳәамҭа аҭак аиҭеит

Аҵыхәтәантәи мчыбжьқәак рзы ахада лҟынтә иҳауз аофициалтә арзаҳалқәеи лыҳәарақәеи зегьы срықәшаҳаҭхан, анапы аҵазҩит,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иацы иҟалҵаз аҳәамҭа иаҭакны.

Аԥыза-министр ишааицҳаз, иахьазы егьырҭ атәылақәа рахь авизитқәа ирызку арзаҳалқәа Аиҳабыра радминистрациаҿ алаҵамызь

“Ҳаҭыр хқәу Саломе адеструктивтә оппозициаа, атәыла аӷацәа рҳәамҭақәа еиҭалҳәоит, урҭ рнаратив дақәшаҳаҭуп, ари сгәы снархьоит. Аиҳабыра русзура иаҳа еиӷьны еилылкаап ҳәа сгәыӷуеит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.

Иацы, Бриуссель иҟоу Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟалҵеит: “Сара Франциеи, Польшеи, Украинеи сцар сҭахын, избанзар ари аус аҿы ҳаидгылоуп, аха, абри аныҟәаразгьы мап сцәыркит.  Ишсарҳәаз ала, атәыла аиҳабыра ҳкандидатура адгыларазы иаҭахыз зегьы ҟарҵахьеит, уаҳа акгьы аҭахым ҳәа рҳәеит.  Нас, саргьы ацара иахәҭамзар ҟалап ҳәа сгәы иаанагеит. Ҳаиҳабыра иахәҭоу аусура мҩаҧыргом, сара  сымацара атәыла  сзеиқәырхом” ҳәа.