Иоав Галант – Ҕаза асектораҿ ҳара ҳахьаангылаз аҭыҧ аҟынтәи ақәҧара ҳаиҭалагеит
Иоав Галант – Ҕаза асектораҿ ҳара ҳахьаангылаз аҭыҧ аҟынтәи ақәҧара ҳаиҭалагеит

 

Израиль атәылахьчара аминистр Иоав Галант иҳәамҭала, ҲАМАС амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анеиланага ашьҭахь, израильтәи аруаа  «аилазаара наӡа ала ақәҧара еиҭалагеит».

«Ҳара ҳахьаангылаз аҭыҧ аҟынтәи ақәҧара ҳаиҭалагеит», — иҳәеит  Галант апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ҩымш рзы иара аҳаир аҟынтәи Ҕаза асектори аҳәаа иаҧну азонеи дрыхәаҧшын, Израиль атәылахьчаратә ар ржәылара қәҿиарала ишымҩаҧысуа гәеиҭеит.

«Зқьҩыла атеррористцәа ишьуп, жәабала аштабқәа иқәхуп, шәҩыла атеррористцәа атҟәара иаҳгеит.  110ҩык атҟәацәа рырхынҳәра  –  ақәҿиара дууп. Адунеиаҿ атеррористтә аиҿкаара иаҿагыланы иқәҧо ҳәынҭқарракгьы абри аҩыза алҵшәа амоуцт.  Ҳара уи ҳалшеит Израиль Атәылахьчаратә мчқәа рыҕәҕәара абзоурала», — иҳәеит  Галант.