Импыҵахалоу Аҧсны инхо атәанчуаа, иахьа инаркны, Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы атәанчахә роуеит
Импыҵахалоу Аҧсны инхо атәанчуаа, иахьа инаркны, Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы атәанчахә роуеит

Импыҵахалоу Аҧсны инхо атәанчуаа, иахьа инаркны, Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы атәанчахә роуеит.

Ауааҧсыра, бжеиҳарала, Галтәи араион аҟынтә иаауеит. Иара убас, Егры ацҳаҿ аҧҭека аадыртит. Аҭыҧантәи ауааҧсыра ишырҳәо ала, мызқәак рыҩнуҵҟа изакәызаалак цхыраарак роуӡомызт,  зда ҧсыхәа рымам  ахәшәқәа импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы ирҭиуам.

Импыҵахалоу Аҧсны ахырхарҭала шықәсык еиҳаны иаанкылаз аиҭаҵра иацы еиҭашьақәыргылан. Иацы Егры ацҳаҿы агәаҭара-аужьҭратә пункт аадыртит.