Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 59-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 59-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит 305-ҩык, урҭ рҟынтә 59-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  171-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 62 -ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит 1936 шықәсазы ииз апациент.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан  4 831-ҩык aуaaҧсырa, 3 061-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит,  56-ҩык иҧсит.