Илиа  Дарчиашвили – Қырҭтәыла «Аҭынчра аформула» аинициатива иадгылоит, уажәтәи иуадаҩӡоу аамҭазы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа инарывагыланы аукраин жәлар ирыдгылоит
Илиа  Дарчиашвили – Қырҭтәыла «Аҭынчра аформула» аинициатива иадгылоит, уажәтәи иуадаҩӡоу аамҭазы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа инарывагыланы аукраин жәлар ирыдгылоит

 

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго агрессиатә еибашьрала жәларбжьаратәи аиҿкаара еиланагоит. Шықәсык ашьҭахь ҳара еиҭах ҳаизеит абри аиҿкаара шьаҭас иамоу апринципқәа, жәларбжьаратәи азин ахадаратә принципқәа  рыхьчаразы», —  иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Украина аибашьра иалагеижьҭеи шықәсык аҵра инамаданы имҩаҧгаз ЕАР Ассамблеиа Хада асессиаҿы данықәгылоз.

Дарчиашвили аинициатива  «Аҭынчра аформула» аҵакы далацәажәан, ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ари аинициатива иадгылоит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа инарывагыланы, аукраин жәлар ирыдгылоит.

«Украина, ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи аҭынчра рҭахуп. Ҳара зеиҧшҟамлац аглобалтә проблемақәа ҳарҭагылоуп  – аклимат аҽаҧсахра, аҧсабаратә рыцҳарақәа, апандемиақәа, атерроризм, абарҭ апроблемақәа рыӡбаразы ҳаидгылароуп,  избанзар, ЕАР зыҟаҵара алшо рацәоуп.

Аинициатива  «Аҭынчра аформула» аҵакы ду шамоу азгәаҭаны, еиҭасҳәар сҭахуп Қырҭтәыла ари аинициатива ишадгыло.  Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа инарывагыланы, аукраин жәлар ирыдгылоит. Қырҭтәыла аиҳабыра агуманитартә ганахьала аукраин жәлар ирыцхрааит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло», — иҳәеит  Дарчиашвили.