Илиа Дарчиашвили Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

18:55, 15.03.2024

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеихун Баирамов диҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Илиа Дарчиашвили  иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит х-ганктәи аминистериал аиҿкааразы.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан арегионалтә аҿиаразы ари аформат иамоу аҵакы ду.

Аминистрцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниорра аусхәаҧштә иазааҭгылеит.

 

Еиԥшу