Илиа Дарчиашвили  - Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара ишьақәнарҕәҕәоит атәыла анапхгара аусура ду шымҩаҧыргаз
Илиа Дарчиашвили  - Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара ишьақәнарҕәҕәоит атәыла анапхгара аусура ду шымҩаҧыргаз

«Қырҭтәыла алҵшәа зхылҵыз ашьаҿақәа ҟанаҵеит, Еврокомиссиа уи иашьашәалоу ахәшьара анаҭеит», — иҳәеит Дубаи иҟоу Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Иара иажәақәа рыла, аҧыза-министргьы, аҭак зыҧхықәу егьырҭ аҳәынҭқарратә чынуаагьы активла аус руеит Европатәи ахеилак ари аӡбара аднакыларц сынтәа ҧхынҷкәын 15-нӡа.

«Ари апроцесс мызкы ма ҩымз рыла ихыркәшахои. Қырҭтәыла еиҧҟьарада ари апроцесс иалахәып. Акыраамҭалатәи аперспективаҿы ҳтәылаҿ еиҧҟьарада ареформақәа мҩаҧгазароуп, Қырҭтәыла анапхгара уи азыҳәан аҭакҧхықәра рхы иадырҵеит, ари амҩа европатәи аҭаацәара алаларанӡа ҳнанагоит. Аҧыза-министргьы саргьы ҳпартниорцәа рацәажәаразы еиуеиҧшым аплатформақәа ҳхы иаҳархәоит. Еврокомиссиа абжьагара ҟанаҵеит, аха, уажәшьҭа, ҳара, Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа ишиашо аус рыцаауроп дара ари аӡбара рыдыркыларц.

Убри аҟынтә,  аҧыза-министргьы, аҭак зыҧхықәу егьырҭ аҳәынҭқарратә чынуаагьы активла аус руеит Европатәи ахеилак ари аӡбара аднакыларц сынтәа ҧхынҷкәын 15-нӡа», — иҳәеит  Илиа Дарчиашвили.