Илиа Дарчиашвили  - Атәыла аиҳабыра аконкуренциа ахьыҟало, иаарту алхрақәа рымҩаҧгара иазҿлымҳауп, ари апроцесс зхы алазырхәыр зҭаху ауаа зегьы аус рыцаауеит  
Илиа Дарчиашвили  - Атәыла аиҳабыра аконкуренциа ахьыҟало, иаарту алхрақәа рымҩаҧгара иазҿлымҳауп, ари апроцесс зхы алазырхәыр зҭаху ауаа зегьы аус рыцаауеит  

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили иҳәамҭала, Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазку аплан ахәҭақәа иреиуп ииашоу, иаарту, аконкуренциа ахьыҟало алхратә процесс аиҿкаара, ҷыдала  2024 шықәсатәи алхрақәа раан, иара убас, алхрақәа рымш аҟынӡа ҧыҭраамҭак шыбжьоу алхратә реформа хыркәшатәуп.

Дарчиашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра  БДИПЧ аҟны аусеицура иазыхиоуп, избанзар, уи  алхрақәа ирыцклаҧшуа аиҿкаара хадоуп.

«Ишаҧу ала, аус рыцура наҳагӡоит. Ашықәс алагамҭаз аофициалла адырра раҳҭоит, избанзар, апарламенттә алхрақәа жьҭааразы имҩаҧаагар ҳҭахуп. Қырҭтәылаҿ акыраамҭалатәи, иара убас, аамҭакьаҿлатәи амиссиақәа рыдкылара ҳазыхиоуп.  Атәыла аиҳабыра аконкуренциа ахьыҟало, иаарту алхрақәа рымҩаҧгара иазҿлымҳауп, ари апроцесс зхы алазырхәыр зҭаху ауаа зегьы аус рыцаауеит. Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазку аплан ахәҭақәа иреиуп ииашоу, иаарту, аконкуренциа ахьыҟало алхратә процесс аиҿкаара, ҷыдала  2024 шықәсатәи алхрақәа раан, иара убас, алхрақәа рымш аҟынӡа ҧыҭраамҭак шыбжьоу алхратә реформа хыркәшатәуп., — иҳәеит Илиа  Дарчиашвили.