Ильҳам Алиев Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла алидерцәа рсаммит аҽалархәразы мап икит
Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла алидерцәа рсаммит аҽалархәразы мап икит. Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Азербаиџьан алидер Санк-петербург имҩаҧысраны иҟоу аиҧылара иҽалаирхәом, «еилахоу иусуратә график амшала».
Азербаиџьан ахада идикылаз аӡбара иадҳәаланы Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит: «Аиашаз, аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа зегьы еилахоуп, ҷыдала ҧхынҷкәын азы, Ашықәс Ҿыц аҧхьа».
Ильҳам Алиев жьҭаара 9–10 рзы Душанбе имҩаҧгаз Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла алидерцәа рсаммит далахәын.