Ильҳам Алиев  Иракли Ҕарибашвилии ақырҭуа делегациеи раҳаҭыр аҟынтә Бақәа,  Загульба ахан аҿы аофициалтә шьыбжьхьа мҩаҧигеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь,  Азербаиџьан ахада, Ильҳам Алиев, ақырҭуа делегациа раҳаҭыр аҟынтә,   Бақәа,  Загульба ахан аҿы аофициалтә шьыбжьхьа мҩаҧигеит.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа иалоуп: аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани,  аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнава,  аиҳабыра раппарат анапхгаҩы Илиа Дарчиашвили.