Ильҳам Алиев Америка даҭааит
Ильҳам Алиев Америка даҭааит

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Америка даҭааит. Ари аинформациа аланарҵәеит азербаиџьантәи амедиа.

Амедиа адыррақәа рыла, Ильҳам Алиев аусуратә визитла Вашингтон даҭааит Америка ахада Дональд Трамп иааҧхьарала.

Аларҵәара зауз аинформациала, нанҳәа  8 рзы, Дональд Трамп Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рлидерцәа идикылоит, аганқәа аилибакаара амеморандум рыбжьарҵоит.