Иенс Столтенберг -  Украина MAP ада адкылара алшаразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит, агәра ганы сыҟоуп асаммитаҿ Украина иадҳәаланы ацҳамҭа ҕәҕәа шыҟаҳҵо
Иенс Столтенберг -  Украина MAP ада адкылара алшаразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит, агәра ганы сыҟоуп асаммитаҿ Украина иадҳәаланы ацҳамҭа ҕәҕәа шыҟаҳҵо

«Украина MAP ада адкылара алшаразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит, агәра ганы сыҟоуп асаммитаҿ Украина иадҳәаланы ацҳамҭа ҕәҕәа шыҟаҳҵо», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Литва ахада Гитанас Науседеи иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

«Осло имҩаҧгаз иформалым аиҧылараҿы сара апакет ҿыц рыдазгалеит, уи 3 елементк рыла еиқәыршәоуп. Актәи – апрактикатә цхыраара апрограмма иҟазароуп, украинатәи амчқәа НАТО амчқәа ирышьашәалазароуп.  Аҩбатәи – Украина-НАТО ахеилак аҧҵара. Ахҧатәи –  Украиназы Алианс алаларазы ауснагӡатәқәа рплан аҧыхра. Ҽакала иаҳҳәозар, Украиназы ари апроцесс 2 етапк рыкәымкәа, етапкала ишьақәгылоит.  Уажәы ари апакет ҳахәаҧшуеит, арҭ акомпонентқәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхар ҳҭахуп.  Агәра ганы сыҟоуп асаммитаҿ Украина иадҳәаланы ацҳамҭа ҕәҕәа шыҟаҳҵо», — иҳәеит Иенс Столтенберг.