Иенс Столтенберг - Украина апартниорцәа Урыстәыла ацакыраҿ ацәҟьара рықәхразы абџьар ахархәаразы азин арҭароуп
Иенс Столтенберг - Украина апартниорцәа Урыстәыла ацакыраҿ ацәҟьара рықәхразы абџьар ахархәаразы азин арҭароуп

Украина апартниорцәа Урыстәыла ацакыраҿ ацәҟьара рықәхразы абџьар ахархәаразы азин арҭароуп, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Нато анапхгаҩы иажәақәа рыла, Харковтәи араион аҟны аҳәаа ааигәара ақәԥарақәа анымҩаԥысуа амтазы, Урыстәыла ацакыраҿ ацәҟьара рықәхразы абџьар ахархәразы азин амҭарала,  Украина ахыхьчаратә процесс иаԥырхагоуп.

Иенс Столтенберг европатәи атәылақәа акритика рхиуит абџьар аҭара иадҳәаланы.

“Европатәи адгылаҩцәа Украина миллион артиллериатә хыршәқәа шәаҳҭоит ҳәа рарҳәеит, аха иабаҟоу”, – иҳәеит Столтенберг.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада ишазгәеиҭаз ала, алианс Урыстәылаҟны ишиашоу аиҿагылара аҽаламгалароу.