Иенс Столтенберг – Иааиуа амшқәа рзы аҭагылазаашьа иаҳа еицәахар ҟалап, избанзар урыстәылатәи амчқәа Украинаҟа иаҳа ихьанҭоу атехника анагара иаҿуп, ажәылара нарыгӡоит
Иенс Столтенберг – Иааиуа амшқәа рзы аҭагылазаашьа иаҳа еицәахар ҟалап, избанзар урыстәылатәи амчқәа Украинаҟа иаҳа ихьанҭоу атехника анагара иаҿуп, ажәылара нарыгӡоит

«Иааиуа амшқәа рзы аҭагылазаашьа иаҳа еицәахар ҟалап, избанзар урыстәылатәи амчқәа Украинаҟа иаҳа ихьанҭоу атехника анагара иаҿуп, ажәылара нарыгӡоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг НАТО аминистериал ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Украина аҵакырадгьыл аҿы апровокациатә интервенциа нанагӡоит, НАТОгьы адунеигьы уи иақәыӡбоит.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишазгәеиҭаз ала, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟала Европа аҵакырадгьыл аҿы абри аҩыза гәымбылџьбаратә арратә агрессиа ҟамлацызыт.

«Ақалақьқәа аблокадаҿ иҟоуп, ашколқәеи, ахәышәтәырҭақәеи,  анхарҭаҩнқәеи абомбақәа рыларыжьуеит.  Аҭынчуаа иҭахоит.   Иааиуа амшқәа рзы аҭагылазаашьа иаҳа еицәахар ҟалап, избанзар урыстәылатәи амчқәа Украинаҟа иаҳа ихьанҭоу атехника анагара иаҿуп, ажәылара нарыгӡоит.

Иахьатәи аиҧылараҿы Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  НАТО алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.  Ҳара ҳазынтәгьы аукраин жәлари арбџьармчқәеи патуқәҵара рзааҳарҧшит.  Путин Украина ажәылара игәы ишҭоу заанаҵы иаадыруан, убри азоуп НАТО алахәылацәа адипломатиатә мҩа изашьҭаз.  Ҳара аргама иҳҳәеит Урыстәыла Украина ажәыларазы ахә ду ашәара шақәшәо. Владимир Путин аҭынчратә ҳәынҭқарра даҿагыланы деибашьуеит.  Ҳара Путин иахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа аурыс арбџьармчқәа Украина иалганы, уажәыҵәҟьа адипломатиа далагарц», — иҳәеит Иенс Столтенберг.