Иенс Столтенберг – НАТО атәылақәа рминистрцәа  Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рзы апрактикатә цхыраара шацырҵаша иалацәажәоит
Иенс Столтенберг – НАТО атәылақәа рминистрцәа  Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рзы апрактикатә цхыраара шацырҵаша иалацәажәоит

НАТО атәылақәа рминистрцәа  Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рзы апрактикатә цхыраара шацырҵаша иалацәажәоит. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит иахьа Бриуссель имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы. Уаҵәы уаҟа алианс атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧылара мҩаҧысуеит.

«НАТО атәылақәа рминистрцәа  Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рзы апрактикатә цхыраара шацырҵаша  иалацәажәоит. НАТО азы акрызҵазкәа абарҭ апарнтниорцәа Урыстәыла ирықәмақаруеит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.

Столтенберг даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Украина адгылара аҵакы ду шамоу.

«Украина аиааиреи, аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргылареи азыҳәан, ари атәыла  иаҭаху зегьы рыла аиқәыршәара наҳагӡароуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.