Иенс Столтенберг - Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рҭахрақәа иазҧхьагәаҭаны, рхыхьчаралшара арҕәҕәаразы рыцхраара анагӡаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит
Иенс Столтенберг - Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рҭахрақәа иазҧхьагәаҭаны, рхыхьчаралшара арҕәҕәаразы рыцхраара анагӡаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит

Ҳара Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рҭахрақәа иазҧхьагәаҭаны, рхыхьчаралшара арҕәҕәаразы рыцхраара анагӡаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Столтенберг иажәақәа рыла, НАТО алахәылацәа ашәарҭара иҭагыло апартниорцәа рҿаҧхьа Алианс ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа ирыхәаҧшит.

«НАТО алахәылацәа Украина ацхраара шынарыгӡо рҳәеит, сара уи садгылоит. Ари азҵаара аҵакы ду амоуп. Украина ақәҿиара аиур алшоит, ари апроцессаҿы аамҭа ахадаратә ҵакы  амоуп. Иара убас, аминистрцәа,  ашәарҭара иҭагыло апартниорцәа рҿаҧхьа Алианс ахы иаднаҵаз  аҧхықәрақәа ирыхәаҧшит. Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи рҭахрақәа иазҧхьагәаҭаны, рхыхьчаралшара арҕәҕәаразы рыцхраара анагӡаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.