Иенс Столтенберг –Аҭынчуаа абас гәымбылџьбарала рызныҟәара Европа агәҭаны аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟала иҳамбацызт
«Аҭынчуаа абас гәымбылџьбарала рызныҟәара Европа агәҭаны аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟала иҳамбацызт», — иҳәеит НАТО маӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг CNN аинтервиу анеиҭоз.
Иара иажәақәа рыла, аибашьра хымҧада ихыркәшатәуп.
«Аҭынчуаа абас гәымбылџьбарала рызныҟәара Европа агәҭаны аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟала иҳамбацызт. Уи каамеҭуп, ҳара уи ҳҽанраалараны ҳаҟам. Аибашьра хымҧада ихыркәшатәуп», — иҳәеит Столтенберг.
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишиҳәаз ала, иара Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарала абарҭ ацәгьаурақәа реилыргара алагара дазыразуп.
Иара убас, Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада ишазгәеиҭаз ала, аурыс арбџьармчқәа рпозициақәа аанрыжьуеит, аха, уи иаанагом Украина иалҵуеит ҳәа.
«Ҳара иаабо — арбџьармчқәа ралгара акәӡам. Урыстәылатәи арбџьармчқәа аиҭаибыҭаразы рпозициақәа рыҧсахуеит, рҭаҵәах хадырҭәаар рҭахуп. Ҳҽырҭынчыр ҟалом, избанзар, аахақәа инагӡоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.