Иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  аракетақәа рыла ҕәҕәала Украина иаахеит
Иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  аракетақәа рыла ҕәҕәала Украина иаахеит

Иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  аракетақәа рыла ҕәҕәала Украина иаахеит.

«Би-Би-Си» адыррақәа рыла,  Украина иаларыжьит  60 инареиҳаны аракетақәа. Ааха хада Киеви, Харьковтәии Запорожтәии атәылаҿацәқәеи ирықәшәеит.

Аракетақәа реиҳара аҳаирхыхьчаратә хархәагақәа рыла иқәхын, аха, уезгьы,  аенергетикатә инфраструктуреи анхарҭатә ҩнқәеи аҧхасҭа ду роуит.   Ҧшьҩык ҭахеит.

Украина алахысра ҕәҕәа амшала атәыла аиҳара афымцада иаанхеит.