Иахьа Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Кахи Калаӡе  "ТВ Пирвели" амҩаҧгаҩ дылҿагыланы иалеиҵаз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иалагоит
Иахьа Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Кахи Калаӡе  "ТВ Пирвели" амҩаҧгаҩ дылҿагыланы иалеиҵаз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иалагоит

Иахьа Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Кахи Калаӡе  “ТВ Пирвели” амҩаҧгаҩ  Маиа Мамулашвили дылҿагыланы иалеиҵаз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иалагоит.

Кахи Калаӡе ихаҭарнак ишиҳәаз ала, иахьа ашаҳаҭгақәа рыҭҵаара иалагоит. Адукат иҳәамҭала, аус материалқәа рацәам, убри аҟынтә, уи ахәаҧшра иахьаҵәҟьа ихдыркәшар ҟалап.

Калаӡе  «ТВ Пирвели»-и Мамулашвилии дырзашшит ҧхынгәы 5 рзы аефираҿ аларҵара зауз аинформациа иадҳәаланы.  Уи аҿы Маиа Мамулашвили  Калаӡе акоррупциа ихаралҵеит. Адукат ишиҳәаз ала,  Мамулашвили, ахыҵхырҭа аамырҧшыкәа, Калаӡе изылҳәеит иара атендерқәа рҟынтә  60 миллион иоузшәа.  Калаӡе ари аинформациа мап ацәикуеит, иара дыззашыз ахаҿқәа рҟынтә  100 000 лари акомпенсациа даҳәоит.

.