2007 шықәса абҵара 7 рзы амитинг аимырппреи ателееилахәыра  „Имеди“ мчыла аҩналареи аус азы апроцесс иахьа имҩаҧысуеит
2007 шықәса абҵара 7 рзы амитинг аимырппреи ателееилахәыра  „Имеди“ мчыла аҩналареи аус азы апроцесс иахьа имҩаҧысуеит

2007 шықәса абҵара 7 рзы амитинг аимырппреи ателееилахәыра  „Имеди“ мчыла аҩналареи азы ахара зду ачынуаа рпроцесс  иахьа имҩаҧысуеит. Ахара зду иреиу Михаил Саакашвили идукат  Беқа Басилаиа Қырҭтәыла Актәи аканал ишазааицҳаз ала, Саакашвили онлаин арежимла апроцесс ихы алаирхәыр ҟалап.

Зыӡбахәы ҳәоу аус  апрокурор  Лаша Цхвитариа ишиҳәаз ала, аӡбарҭантә изаарыцҳаит заанаҵтәи аҧкратә уснагӡатә иадҳәаланы апроцесс шымҩаҧысуа.  Иара иажәақәа рыла, ари аус азы Саакашвили инаиваргыланы ахара рыдуп Мерабишвилии, Адеишвилии, Кезерашвилии, Угулавеи.

Ҧасатәи ачынуаа рмаҵзуратә ҧхықәрақәа цәгьашақә ахархәара рхарарҵоит. Аус иахәаҧшуеит Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа.