Аӡбарҭа ақәҵарала, Ника Мелиеи, Звиад Куправеи, Бачо Долиӡеи Глдани иҟалаз аиҿагылара аус азы  2000 лари ахараҧса рықәырҵеит
Аӡбарҭа ақәҵарала, Ника Мелиеи, Звиад Куправеи, Бачо Долиӡеи Глдани иҟалаз аиҿагылара аус азы  2000 лари ахараҧса рықәырҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Ника Мелиеи, Звиад Куправеи, Бачо Долиӡеи  рус азы аӡбарҭа ақәҵара рыларҳәеит.

Аӡбаҩ Наҭиа Бускаӡе Ника Мелиеи, Звиад Куправеи, Бачо Долиӡеи  рыцыҧхьаӡа  2000 лари ахараҧса рықәылҵеит.

Аӡбаҩ урҭ рыхҩыкгьы административтә ацәгьаура шыҟарҵаз  азхалҵеит.

Цәыббра 22 рзы Глдани,  «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи аимак рыбжьалан, азинхьчаҩцәа зыӡбахәы ҳәоу апартиа хҩык алахәылацәа: Ника Мелиеи, Звиад Куправеи,  Бачо Долиӡеи ааныркылеит. Дара административтә азинеилагаразы аанкылан. Цәыббра 24 рзы рыхҩыкгьы аӡбарҭа азал аҟынтә иоурыжьҭит. Адукатцәа Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа ақәҵара Аопеллиациатә аӡбарҭаҿы азашшра ргәы иҭоуп.