Ҳанс Клиуге - "Омикрон" иабзоураны Европа апандемиа хыркәшар ҟалоит
Ҳанс Клиуге - "Омикрон" иабзоураны Европа апандемиа хыркәшар ҟалоит

“Омикрон”иабзоураны Европа акоронавирус апандемиа афаза ҿыц ахь ииасит, -иҳәеит Адугеизегьтәи агәабзиарахьчара еиҿкаара Европатәи арегионтә биуро анапхгаҩы Ҳанс Клиуге.

Клиуге иажәақәа рыла, ауаатәыҩса риммунитети алаҵақәеи ирыхҟьаны аглобалтә иммунитет шьақәгылеит.

“Иҭынчу апериод сазыԥшуп. Covid-19 ашықәс анҵәамҭазы ихынҳәыр ҟалоит, аха апандемиа ихынҳәеит ҳәа сгәы иаанагом,” – иҳәеит Ҳанс Клиуге.

WHO ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, ачымазарақәа аендемтә хатәҷыдарақәа рымоуп, заанаҵы акгьы узҳәом.