Еммануель Макрон - Мраҭашәаратәи тәылақәа Украинашҟа ар рышьҭразы аконсенсус ирымаӡам, аха наҟ-наҟ иҟало аӡәгьы издырӡом
Еммануель Макрон - Мраҭашәаратәи тәылақәа Украинашҟа ар рышьҭразы аконсенсус ирымаӡам, аха наҟ-наҟ иҟало аӡәгьы издырӡом

Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иацы Париж, Украина азҵаара иахцәажәеит, аконференциа далахәын Украина ахада Володимир Зеленски.

Зеленски иформалым асаммит алахәылацәа Швеицариа имҩаԥысран иҟоу “Аҭынчратә саммит” ашҟа дааиԥхьеит.

Франциа ахада Еммануель Макрон ишааицҳаз, асаммит алахәылацәа Украина азҵаара амзызла Урыстәыла азышьақәдыргылаз асанкциақәа реилагараҿ иацхраауаз атәылақәа рганахьала асанкциақәа аус рыдулара азҵааразы еиқәшаҳаҭхеит.

Еммануель Макрон иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи тәылақәа Украинашҟа ар рышьҭразы аконсенсус ирымаӡам, аха наҟ-наҟ иҟало аӡәгьы издырӡом