Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит
Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит

Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит, – аарыцҳаит Елисеитәи ахан аҟынтә.

Франциа аҟынтә ишаарыцҳаз, европатәи алидерцәа рышьҭымҭа хада ҟалахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин адырра иҭара Украина азҵаара иазкны Европа апозициа ӷәӷәу амоуп, аибашьраҿ аиааира сгиот ҳәа Урыстәыла анаратив иаҿагылоит.

“Ҳара Путин иахь ашьҭымҭа аҟаҵара ҳҭахуп – уи Укрианаҿ аиааира агара шилымшо.  Ҳара хықәкыс иҳамоуп ари аидеиа аԥҿра. Аиааира згиот ҳәа игәра ҳгар иҭахуп”, – иҳәеит Елисеитәи ахан ахаҭарнак аихқәа данрацәажәоз.

“Роитер” аинформациала, Париж имҩаԥысуа аиԥылара рхы аладырхәоит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц, Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Девид Кемерон, Испаниа аԥыза-министр Пелро Санчеси уҳәа егь. европатәи алидерцәа. ЕАШ рҟынтә аиԥылара далахәуп аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О,Браиен.