Шпигель - Евроеидгыла асанкциақәа ирыхәамԥшыкәа, урыстәылатәи анефҭ Европа ахԥатәи атәылақәа рыла иаиуеит
Шпигель - Евроеидгыла асанкциақәа ирыхәамԥшыкәа, урыстәылатәи анефҭ Европа ахԥатәи атәылақәа рыла иаиуеит

Евроеидгыла асанкциақәа ирыхәамԥшыкәа, урыстәылатәи анефҭ Европа ахԥатәи атәылақәа рыла аиуеит, – аанацҳаит “Шпигель”.

Акьыԥхь аинформациала,есымша Индиа апортқәа рахь урыстәылатәи анефҭ аоа иҭәу ҩтанкерк иалалоит, мызкала – 70 танкер.

„Шпигель“ ишаанацҳаз, Индиа мраҭашәаратәи аҟәараҿ адунеи аҿы идуӡӡоу анефҭааглызратә зауадқәа иҟоуп, уа урыстәылатәи анефҭ абылтәи адизели ирылхны, Европахт рышьҭуеит.

Индиа “Вадинартәи” анефҭааглыхратә зауад 50% урыстәылатәи еилахәыра “Роснефть” атәуп.