Ильҳам Алиев – Қырҭтәылеи Азербаиџьани зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу ароль нарыгӡоит Европа аенергетикатә шәарҭадара аиқәыршәараҿы
Ильҳам Алиев – Қырҭтәылеи Азербаиџьани зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу ароль нарыгӡоит Европа аенергетикатә шәарҭадара аиқәыршәараҿы

«Қырҭтәылеи Азербаиџьани зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу ароль нарыгӡоит Европа аенергетикатә шәарҭадара аиқәыршәараҿы, ари ароль есымша азҳара иаҿуп», — иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Ильҳам Алиев иҳәамҭала,  атәылақәа рыбжьара аиҩызаратә аимадарақәеи аусеицуреи Европа аенергошәарҭадаразы аҵакы ду амоуп.

«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, ҳара лассы-лассы ҳаиҧылалоит. Фымз раҧхьа Қырҭтәыла сыҟан, иахьа шәара Габала арегион шәаҭааит. Атрадициа бзиа шьақәҳаргылеит ҳәа сгәы иаанагоит.  Арҭ аимадарақәа ҳтәылақәа реиҩызара дырҕәҕәоит. Ҩ-ганктәи ҳусеицура наҟ-наҟгьы аҿиара амазар ҳҭахуп, уи ҳмилаҭқәа рҧеиҧш аиқәыршәара иацхраауеит.

Иахьа ҳара зҵакы дуу азҵаарақәа рацәа ҳрылацәажәеит. Ҳаҧхьаҟа ҳусеицуразы алшара ҳазҭо аиқәшаҳаҭрақәа ҳарзааҭгылеит.  Жәаҳәарада, Қырҭтәылеи Азербаиџьани зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу ароль нарыгӡоит Европа аенергетикатә шәарҭадара аиқәыршәараҿы, ари ароль есымша азҳара иаҿуп.   Ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә аимадарақәеи аусеицуреи Европа аенергошәарҭадаразы аҵакы ду амоуп.  Европаҟа инаҳго аҧсабаратә газ аҭаӡара есышықәса азҳара иаҿуп. Сынтәа Азербаиџьан европатәи аџьармыкьашҟа идәықәнаҵоит 24,5 миллиард атонна. Евроеидгылеи ҳареи ҳнапы зҵааҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, 2027 шықәсанӡа ари аҭаӡара азҳауеит  20 миллиард акубтә метр аҟынӡа.  Абри ахықәкы наҳагӡап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  Ильҳам Алиев.